Жәлар рыхьчаҩ еиҿылкааз аҳақьымцәа ргәыҧ Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны аҳасабырба цәырыргеит
Жәлар рыхьчаҩ еиҿылкааз аҳақьымцәа ргәыҧ Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны аҳасабырба цәырыргеит

Жәлар рыхьчаҩ еиҿылкааз аҳаьымцәа ргәыҧ Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны аҳасабырба цәырыргеит.

Аҳасабырба ишану ала,  48 мшы инагӡо амлашьреи,  астресси,  аҽыхәшәтәра мап ацәкреи амшала,  Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа цәгьахеит.

Аҳақьымцәа раҳасабырба инақәыршәаны,  ахәышәтәратә усбарҭа  №18 аҿы зтехнологиа ҳараку аҭҵаарақәа рымҩаҧгара алшара иҟам. Уажәазы аҭыҧаҿы иҟоуп ареанимациатә бригада, дара уахгьы-ҽынгьы аус руеит, аха, апациент ихәышәтәразы иаҭаху  аспециалистцәа рыхәҭак аусбарҭаҿ иҟам. Саакашвили  деицәахар, аҭагылазаашьа ахылаҧшразы аҭыҧаҿы иҟоу аспециалистцәа иазхом.

Аихшьаала:

Апациент икритикатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны,  зыҧшра ҟамҵакәа апрофиль рацәа змоу ахәышәтәырҭа ареанимациатә аҟәшаҿы  ихәышәтәра нагӡатәуп.  18-тәи аклиникаҿы абри аҩыза алшара иҟам, — иануп аҳақьымцәа ицәырыргаз аҳасабырбаҿы.