Жәлар рыхьчаҩ – Арегистрациа иазку атехникатә зҵаара алхрақәа рҽалархәразы атәылауаҩ имоу аконституциатә зин анагӡара иаҧырхагамхароуп
Жәлар рыхьчаҩ – Арегистрациа иазку атехникатә зҵаара алхрақәа рҽалархәразы атәылауаҩ имоу аконституциатә зин анагӡара иаҧырхагамхароуп

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Жәлар рыхьчаҩ ишеиликааз ала, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ашәҟәы иҭаҩу, аҳәаанырцә инхо, аха, ахҵәацәа рбазаҿ Қырҭтәылаҿ фактла иахьынхо аҭыҧ азмырбаз Қырҭтәыла атәылауаа иаку алхратә сиа ианым, убри аҟынтә, алхрақәа рҽалархәра рылшом», – иануп Жәлар рыхьчаҩ иҳәамҭаҿы.

Левана Иоселиани ишиҳәаз ала, «иара убас, ишеилкаахаз ала, Аҧснынтә ихҵәоу Қырҭтәыла атәылауаа,  алхрақәа рҽалархәразы, ррегистрациа аҭыҧ рыҧсахырц ирыҳәоит, избанзар, ишрарҳәо ала, импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ рҭыӡҭыҧ ррегистрациа ҭыҧны уаҳа иадырбом».

«Ари азҵаара аҭҵаараан Жәлар рыхьчаҩ ишьақәиргылеит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааҧсыра рзы еснагьтәи аҭыӡҭыҧ ахьчара азинтәи, аиуристтәи, иара убас, аполиткиатәи аҵакы шамоу, убри аҟынтә,  арҭ ауаа еснагьтәи рҭыӡҭыҧ рыҧсахыр рҭахым.

Жәлар рыхьчаҩ ишазгәеиҭаз ала, арегистрациа иазку атехникатә зҵаара алхрақәа рҽалархәразы атәылауаҩ имоу аконституциатә зин анагӡара иаҧырхагамхароуп.

Убри аҟынтә, аомбудсмен Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада ашҟа ааҧхьара ҟаиҵоит, рзинмчқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, азинхьчаратә азнеишьа аарҧшны, рнапаҿы иҟоу алшарақәа зегьы рхы иархәаны, арҭ ауаа иаку алхратә сиа ианырҵарц», – иануп  Левана Иоселиани иҳәамҭаҿы.