Жәлар рыхьчаҩ – Апарламент аҧхьа акциа шымҩаҧысуа ҳацклаҧшуеит, акциа амчыларатә ма азакәандаратә ҟазшьа аиур, убасҟан мацароуп аизара ахақәиҭра аҽалагалара аныҟало
«Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ иаппарат аизара шымҩаҧысуа иацклаҧшуеит, акциа ҭынч имҩаҧысуеит, уи алахәылацәа ҭынч ргәаанагра аадырҧшуеит», — иануп Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ иҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, акциа амчыларатә ма азакәандаратә ҟазшьа аиур, убасҟан мацароуп аизара ахақәиҭра аҽалагалара аныҟало.
«Жәлар рыхьчаҩ уажәазы ишибо ала, аизара мҩаҧысуеит азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны, акциа алахәылацәа рконституциатә зинқәа рҽалагалара ахымҧадара иҟам. Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟаиҵеит акциа алахәылацәа Аконституциала ирымоу азин амҩаҧгараҿы ирҧырхагамхарцт», — иануп Жәлар рыхьчаҩ иҳәамҭаҿы.