Жәлар рыхьчаҩ - Аомбудмсен ихаҭарнакцәа Қарҭи Баҭыми рҿы иаанкылаз жәаҩык ахаҿқәа рышҟа инеит
Аомбудмсен ихаҭарнакцәа ажьырныҳәа 11-12 рзы Қарҭи Баҭыми рҿы иаанкылаз жәаҩык ахаҿқәа рышҟа инеит, иаанкылаз атәылауаа дреиуп зықәра наӡамыз аҳаҿи зылшарақәа ԥкәу ахаҿқәа рзинхьчаҩ Гиа Џьваршеишвили, – иануп Аомбудсмен иофис аланарҵәаз аинформациа аҿы.
Аинформациаҿ ишану ала, хәҩык рдыррақәа рыла, азакәанхьчаҩцәа урҭ иакәым ала ирызныҟәеит.
«Жәлар рыхьчаҩ иофис иаанкылоу ахаҿқәа рҭаара нанагӡоит, арҭ авизитқәа ирызку адыррақәа ауаажәларра рыднагалоит», — иануп аҳәамҭа аҿы.