Жигимантас Павилионис  - Ақырҭуа аиҳабыра еиҭах  аоппозициаа ирҿагылар, ииашам ашьаҿақәа ҟарҵар, уи ахә ашәара рықәшәоит
Жигимантас Павилионис  - Ақырҭуа аиҳабыра еиҭах  аоппозициаа ирҿагылар, ииашам ашьаҿақәа ҟарҵар, уи ахә ашәара рықәшәоит

Жигимантас Павилионис  – Ақырҭуа аиҳабыра еиҭах  аоппозициаа ирҿагылар, ииашам ашьаҿақәа ҟарҵар, уи ахә ашәара рықәшәоит

Сара апарламент иалалар зҭахым  аоппозициаа рҟынтә иҵоуроу ашьҭымҭақәа саҳауеит, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара шырҭаху збоит.  Аиҳабырагьы убасҵәҟьа рхы мҩаҧыргар, аганқәа адиалог азы компромисск рыҧшаап  ҳәа сгәыҕуеит, —  иҳәеит визитла Қырҭтәыла иҟоу  Литва Асеим адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет ахантәаҩы Жигимантас Павилионис.

«Свизит ахыркәшаранӡа инеихьеит. Ҳара аганқәа ацҳа рыбжьаҳҵар ҳҭахуп. Уи ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит.  Сара апарламент иалалар зҭахым  аоппозициаа рҟынтә иҵоуроу ашьҭымҭақәа саҳауеит, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара шырҭаху збоит.  Аиҳабырагьы убасҵәҟьа рхы мҩаҧыргар, аганқәа адиалоги атәыла аҩнуҵҟа акзаареи азы  компромисск рыҧшаап  ҳәа сгәыҕуеит.  Акзаара ашьақәыргыларазы аамҭа рацәа аҭахуп. Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аполитикатә ескалациа дууп,  аха аҳәаанӡа имнеицт ҳәа сгәыҕуеит.  Сҩызцәа зегьы срыҳәоит ари азҵаара цқьа иазхәыцырц.  Шәара Вашингтон администрациа ҿыц рҟны аҭоурыхтә  алшара шәызцәырҵит. Ари алшара шәхәы иашәмырхәар ҟалом. Ақырҭуа аиҳабыра еиҭах  аоппозициаа ирҿагылар, ииашам ашьаҿақәа ҟарҵар, уи ахә ашәара рықәшәоит. Аха уаанӡа имнеип ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Жигимантас Павилионис.