Женева жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа иашьҭанеиуа рраунд иахьа мҩаԥысуеит
Женева жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа иашьҭанеиуа рраунд иахьа мҩаԥысуеит. Аганқәа атехникатә аиԥылара мҩаԥыргахьеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиа ишааицҳаз ала,
Ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку атемақәа Урыстәыла ахәаахәҭразы рхы иадырхәоит, абри афон аҿы апроцесс аҽалархәра ҳақәшәоит.
Дарсалиа иажәақәа рыла, аилацәажәарақәа раан зҵаара хаданы иқәдыргылоит фпунктк рыла ишьақәгылоу аплан анагӡара азҵаара. Аиԥылараҿ ирыхәаԥшуа зҵаара хаданы иқәгылоуп фпунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра анагӡареи, изакәаным абордеризациеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа цәгьеи. Ақырҭуа ган аилацәажәара аишәаҿ иқәнаргылоит Заза Гахелаӡеи изакәанымкәа иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа – Бебуеи Бестаеви рызҵаара.