Жәабран 4 рзы Қырҭтәыла апарламентаҿ ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч амазаауеит
Қырҭтәыла апарламент ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа рырҕәҕәара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭа ишану ала, жәабран 4 рзы ааԥынтәи асессиа актәи аилатәараҿ Қырҭтәыла ахада атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иазку аҵак ду змоу аҳасабырбала дықәгылоит.
Ари иахҟьаны, “Қырҭтәыла апарламент ахан ашәарҭадара арӷәӷәара иазку аҵас ашьақәырӷәӷәара иазку” Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы 2023 шықәса цәыббра 4 рзы ишьақәирӷәӷәаз N1/259/23 адҵа инақәыршәаны, жәабран 4 рзы апарламент ахыбраҿ ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа дырӷәӷәоит, Қырҭтәыла апарламент ахан аҟны ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч аиуеит.
Апарламент ашҟа анеира рылшоит апарламент аппарат аусуҩцәеи ҷыдала иаԥхьоу ахаҿқәеи мацара”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Апарламентаҿ имҩаҧысуа аусмҩаҧгатәқәа рахь инарышьҭуеит иашьашәалоу аструктуратә хәҭақәа рҟынтә ааҧхьара зауз ахаҿқәа мацара, иара убас, ахыбрашҟа инарышьҭуеит акредитациа змоу ателедырраҭара/ателемедиа аҟынтә 2 гәыҧк иреиҳамкәа.