Жәабран 18 рзы Украина ицо аибашьра азҵааразы америкатәи урыстәылатәи ачинуаа реиԥылара мҩаԥгахоит
Жәабран 18 рзы Украина ицо аибашьра азҵааразы америкатәи урыстәылатәи ачинуаа реиԥылара мҩаԥгахоит

Америкатә акьыԥхь «Аксиос» ишаанацҳауа ала, жәабран 18 рзы Украина ицо аибашьра азҵааразы америкатәи урыстәылатәи ачинуаа реиԥылара мҩаԥгахоит.

Акьыԥхь аинформациа ала, америкатәи аделагациа иалоуп аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио, амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Аҩны шкәакәа абжьагаҩ Маик Уолц, Ааигәа мрагылараҿ ЕАШ ахаҭарнак ҷыда Стив Уиткофф. Марко Рубио дызхагылоу аделегациа апланқәа ирылоуп Украина ицо аибашьра ахыркәшара иазку аиҿцәажәарақәа ралагара.

Урыстәылатәи аделегациа аилазаашьа макьана идырым. Хыҵхырҭак ишаанацҳаз ала, Урыстәы́ла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аделегациа далалоит.

Марко Рубио жәабран 17 рзы визитла Саудтәи Аравиеи Аемриатқәеи дырҭауеит.