Жьҭаара 7-8 рзы аамҭа-аамҭала аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, жьҭаара 9 рзы иԥхаррахоит
Жьҭаара 7-8 рзы аамҭа-аамҭала аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, жьҭаара 9 рзы иԥхаррахоит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра жьҭаара 7-8 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, жьҭаара 7-8 рзы аамҭа-аамҭала аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, жьҭаара 9 рзы иԥхаррахоит.

Қарҭ ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +25, +27 градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): иԥхаррахоит, жьҭаара 9-нӡа ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +23, +26  градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) жьҭаара 8 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +27, +29 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало):  аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +12, +17 градус иаҟарахоит.