Жьҭаара 28-и 29-и рзы Аботаникатә баҳчаҿы Ашәҭқәа рцәыргақәҵа мҩаҧысуеит
Қырҭтәыла Амилаҭтә ботаникатә баҳча еиҿнакааз «Ашәҭқәа рцәыргақәҵа» мҩҧаысуеит жьҭаара 28-и 29-и рзы. Ари атәы аарыцҳаит Қарҭ ахадара аҟынтәи.
Ацәыргақәҵаҿы ицәырыргоит Аботаникатә баҳча аколлекциа аҟынтә аҟәышәҭы 150 еиҳаны ахкқәеи, еиуеиҧшым ааҧынратә ашәҭқәеи, Қарҭи арегионқәеи рҿы иҟоу ашәҭааӡарҭақәа раалыҵи.
«Ашәҭқәа рцәыргақәҵа» аҿы еиуеиҧшым ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа ртематикатә ҧҵамҭақәа рцәыргақәҵеи рыҭиреигьы мҩаҧысуеит.
Амилаҭтә ботаникатә баҳчаҿы «Ашәҭқәа рцәыргақәҵа» есышықәса имҩаҧыргоит.
Ауснагӡатә мҩаҧысуеит жьҭаара 28-и 29-рзы, асааҭ 12:00 инаркны 18:00-нӡа.