Жьҭаара 11 рзы Раҧхьатәи ареспублика ашҭаҿы аматч Украина–Қырҭтәыла иаарту арбара мҩаҧгахоит
Жьҭаара 11 рзы Раҧхьатәи ареспублика ашҭаҿы аматч Украина–Қырҭтәыла иаарту арбара мҩаҧгахоит

Жьҭаара 11, ашьапылампыл азы Қырҭтәыла аизга,  УЕФА Амилаҭқәа рлига аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина аизга иацлабуеит.

Қарҭ ахадара аилатәараҿы аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала,  азгәыбылҩцәа, ҧасеиҧш, аматч ишишо утранслиациа рбар рылшоит Раҧхьатәи ареспублика ашҭаҿы.

«Жьҭаара 11  асааҭ  22:45 рзы, ҳшьапылампылтә аизга, Украина аизга ирҧылоит, аматч Польша имҩаҧысуеит. Ҳкомандазы ари ахәмарра аҵакы ду амоуп. Ашьапылампыл азы афедерациеи ҳареи уажәгьы аӡбара еицҳадаҳкылеит  – Раҧхьатәи ареспублика ашҭаҿы аекран дуқәа шьақәыргыланы, азгәыбылҩцәа аматч ишиашо атранслиациа дҳарбоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.