Заза Софромаӡе - Гудаури аахақәа зауз ауаа рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭагылам
Заза Софромаӡе - Гудаури аахақәа зауз ауаа рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭагылам

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Заза Софромаӡе иҳәамҭала,   Гудаури аахақәа зауз ауаа Гудушаури ихьӡ зху аклиникаҿы ибеит. Уажәазы ари аклиника иҭоуп ҩыџьа Украинатәи атуристцәа, егьырҭ ауааҧсыра ареаномобиль ала иааргоит, избанзар амшцәгьа амшала, агежьҧрыгала изиарымгеит.  Заза Софромаӡе ишиҳәаз ала, аахақәа зауз ауаа рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.  Руаӡәы аҩныҟа доурышьҭхьеит,  иҵегьы хҩык хәылбыҽхан иоурыжьҭыр ҟалап.

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, 5ҩык ауааҧсыра аҭыҧаҿыҵәҟьа амедицинатә цхыраара роуит.