Заанаҵтәи адыррақәа рыла, хәажәкыразы аекономикатә азҳара 6 наӡына аҟынӡа ишьҭыҵит
Сақстат заанаҵтәи адыррақәа рыла, сынтәа хәажәкыразы аекономикатә азҳара 6 наӡына аҟынӡа ишьҭыҵит.
Иара убас, ашықәс актәи аквартал азы азҳара абжьаратә арбага 4.7 наӡына иаҟаран.
Сақстат аинформациа инақәыршәаны, 2019 шықәса хәажәкыразы, аекономикатә азҳара арбагақәа еиҕьхеит ахәаахәҭреи, атранспорти, иеиҭамҵуа амал аоперациақәеи, ахархәаҩцәа еиуеиҧшым амаҵзура рзеиқәыршәареи аусхкқәа рҿы. Аргылара аусхкы аҿы аекономикатә азҳара арбагақәа еиҵхеит.
2019 шықәсатәи абиуџьет инақәыршәаны, Қырҭтәылаҿ аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭаратә арбагақәа 4.5 наӡына ираҟароуп.