Хвича Кварацхелиеи Гьаргь Мамардашвилии рыхә азҳаит арекордтә аицҵалыҵ аҟынӡа  #1TVSPORT
 Хвича Кварацхелиеи Гьаргь Мамардашвилии рыхә азҳаит арекордтә аицҵалыҵ аҟынӡа  #1TVSPORT

«Transfermarkt» ирҿыцу адыррақәа рыла, Хвича Кварацхелиеи Гьаргь  Мамардашвилии ртрансфертә ахә азҳаит арекордтә аицҵалыҵ аҟынӡа.

«Наполи» ашҟа диасаанӡа Хвича Кварацхелиа  15 миллионов евро даҧсан,  цәыббразы  — 35 миллион, уажәы Кварацхелиа ихә ҩынтә азҳан,  60 миллион евро аҟынӡа ишьҭыҵит — дарбанызаалак ақырҭуа ашьапылампыласҩы хаангьы абри аҩыза ахәшьара имоуӡацт.  Гьаргь  Мамардашвилигьы ихә ацлеит  – Қырҭтәыла аизга амбахьчаҩ  «Валенсиаҟа» диасит  800 нызқь евро ҳәа.  Уажәы иара  25 миллион евро даҧсоуп, амбахьчаҩцәа рзы ари арбага даараӡа ибзиоуп.