Христо Гаџьев  - Қырҭтәыла апарламенттә делегациа ҳанырҧылоз, егьырҭ азҵаарақәа рыгәҭа, амшынеиқәатәи аӡаҵантәи акабельгьы ҳалацәажәеит, Болгариагьы ари апроект аҽаланархәыр ҟалап
Христо Гаџьев  - Қырҭтәыла апарламенттә делегациа ҳанырҧылоз, егьырҭ азҵаарақәа рыгәҭа, амшынеиқәатәи аӡаҵантәи акабельгьы ҳалацәажәеит, Болгариагьы ари апроект аҽаланархәыр ҟалап

Болгариа апарламентаҿ иҟоу атәылахьчара акомитет ахантәаҩы  Христо Гаџьев иҳәамҭала, ақырҭуа апарламенттә делегациа ианырҧылоз, НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциеи, атәылахьчареи, ашәарҭадареи уҳәа, еиуеиҧшым азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Христо Гаџьев иажәақәа рыла, аиҧылараҿы амшынеиқәатәи аӡаҵантәи акабельгьы иалацәажәеит, Болгариагьы ари апроект аҽаланархәыр ҟалап.

«НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциеи, атәылахьчареи, ашәарҭадареи, аекономикеи, аенергетикеи  уҳәа, еиуеиҧшым азҵаарақәа ҳрылацәажәеит. Атәылахьчара иадҳәаланы, Болгариеи Қырҭтәылеи рыбжьара азеиҧш арратә азыҟаҵарақәа ҳрылацәажәеит. Иара убас, атәылахьчаратә делегациа Қырҭтәыла имҩаҧыргараны иҟоу авизитгьы ҳазааҭгылеит. Ҭырқәтәылеи Румынтәылеи ҳареи  Амшын еиқәа мраҭашәаратәи ахәҭаҿы арратә азыҟаҵарақәа еицымҩаҧаагоит, Қырҭтәылагьы ари аоперациа аҽаланархәырц азыҳәан иҟоу алшарақәа ҳарзааҭгылеит. Иара убас, аҟәарахьчаҩцәа разыҟаҵараҿы ҳшәыцхраар ҳалшоит. Иара убас, амшынеиқәатәи аӡаҵантәи акабельгьы ҳалацәажәеит, Венгриеи Румынтәылеи реиҧшҵәҟьа,   Болгариагьы ари апроект аҽаланархәыр ҟалап», — иҳәеит  Христо Гаџьев.