Хорватиа аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ  - Хорватиа европатәи амҩа ззышьақәырӷәӷәаз Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи ирыдгылоит
Хорватиа аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ - Хорватиа европатәи амҩа ззышьақәырӷәӷәаз Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи ирыдгылоит

«Хорватиа европатәи зымҩа шьақәырӷәӷәаз Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи рыдгылоит», — илҳәеит Хорватиа аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Андреа Метелко-Згомбич Бриуссель имҩаԥысуа Евроеидгыла ахеилак аилатәара иалагаанӡа.

Хорватиа аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ лажәақәа рыла, Евроеидгыла арҭбаара  – ашәарҭадареи, аҿиареи, аҭышәынтәалареи, аҭынчреи рахь аинвестициақәа ралаҵароуп.

«Хорватиа  Балкантәи фтәылак ирыбзоураны Евреоидгыла арҭбаара еснагь адгылон. Уажәы  Хорватиа европатәи зымҩа шьақәырӷәӷәаз иҵегь хҳәынҭқаррак Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи рыдгылоит.

Евроеидгыла арҭбаара  – ашәарҭадареи, аҿиареи, аҭышәынтәалареи, аҭынчреи рахь аинвестициақәа ралаҵароуп. Арҭбаара европатәи аконтинент аҭышәынтәалара ианыруеит», — илҳәеит Хорватиа аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ.