Хәылбаҽхан аиҭаҵразы иҟоу аԥкрақәа раԥыхра азҵаара макьана иқәгылам
Хәылбаҽхан аиҭаҵразы иҟоу аԥкрақәа раԥыхра азҵаара макьана иқәгылам

Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр Наҭиа Ҭурнава лажәақәа рыла, хәылбаҽхан аиҭаҵразы иҟоу аԥкрақәа раԥыхра азҵаара макьана иқәгылам.

Аусбарҭабжьаратә акординациатә хеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы Ҭурнава иҟалҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, ииашам ашьаҿа апроблема архынҳәра алшоит.

«Аԥкра аԥыхра ма армарианӡа анализ ҟаҵатәуп, аԥкрақәа зегьы иаразнак раԥыхра ҟалом. Ҳара иашьҭанеиуа ашьаҿа ҳазхәыцуеит, иаанхеит абизнесхырхарҭеи ахәыҷбаҳчақәеи, афитнесиндустриеи аспорттә обиектқәеи. Ииашам ашьаҿа апроблема архынҳәра алшоит,“ – илҳәеит Наҭиа Ҭурнава.

Аусбарҭабжьаратә акординациатә хеилак еилатәара аӡбамҭа инақәыршәаны, Қырҭтәыла иахьаҵанакуа хәылбыҽхан, асааҭ 21:00 инаркны ашьыжь, асааҭ 05:00-нӡа аиҭаҵра ҟалом.