Хельсинктәи акомиссиа Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟанаҵоит акризис иҭышәныртәаларц.
Хельсинктәи акомиссиа Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟанаҵоит акризис иҭышәныртәаларц.

Хельсинктәи акомиссиа Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟанаҵоит акризис иҭышәныртәаларц

Акомиссиа алидерцәа аоппозициатә партиа Ника Мелиа иаанкылара акритика азыруит. Иашьашәалоу аҳәамҭа рнапы аҵарҩит америкатәи асенатор Роџьер Уикер, асенатор Бен Кардин, аконгрессмен Елси Ҳеистингси, Џьо Уилсони.

“Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы европатәи еиҿкаара иалоу атәылақәа Қырҭтәыла адемократиатә институтқәм, ауаҩытәыҩса изинқәеи азакәан аиҳаӡареи пату шрықәырҵо рыларҳәеит. Аҿагыларатә политикатә партиа аоцис хада ақәлареи аоппозициаа рлидер иаанкылареи адемократиатә прогресс иашьашәалам. Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит акризис иҭышәныртәаларц”,- иануп аҳәамҭа аҿы.