Хәажәкыра  7-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит
Хәажәкыра  7-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит

«Хәажәкыра  7-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит», — аарыцҳаит Аҧсабаратә лагылазаара агентра аҟынтәи.

Дара ринформациала, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асы леиуеит.

«Ашьхатә регионқәа рҿы асы аӡыҭра иалагоит,  насгьы, арҭ амшқәа рзы ақәа леиуеит, убри аҟынтә, Мраҭашәаратә Қырҭтәыла аӡисқәа рҿы аӡы шьҭыҵыр ауеит, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асыҧсақәеи адгьылҳәазареи ашәарҭара цәырҵуеит», — азгәарҭеит Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентраҿы.