Хәажәкыра 25 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, хәажәкыра 26-27 рзы раионқәак рҿы ақәа леиуеит
Хәажәкыра 25 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, хәажәкыра 26-27 рзы раионқәак рҿы ақәа леиуеит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра Қырҭтәыла амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.

Хәажәкыра 25 рзы Қарҭ аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, хәажәкыра 26-27 рзы ақәа леиуеит, аҳауа аԥхарра ҽынла +17…+19°C иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): хәажәкыра 25 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, хәажәкыра 26-27 рзы ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +22…+24°C иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) хәажәкыра 25 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, хәажәкыра 26-27 рзы ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла  +16…+18°C иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало):  хәажәкыра 25 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, хәажәкыра 26-27 рзы ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +7…+12°C иаҟарахоит.