Хәажәкыра 24 рзы имҩаҧысраны иҟоу аӡбаҩцәа рконференциаҿы Қырҭтәыла Аиустициа ахеилак ҩыџьа алахәылацә алырхуеит 
Хәажәкыра 24 рзы имҩаҧысраны иҟоу аӡбаҩцәа рконференциаҿы Қырҭтәыла Аиустициа ахеилак ҩыџьа алахәылацә алырхуеит 

Қырҭтәыла аӡбаҩцәа 32-тәи рконференциа мҩаҧгахоит хәажәкыра  24 рзы. Ари аӡбара рыдыркылеит Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа административтә комитет аилатәараҿы.

Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак аҿы 2 ҭыҧк ҭацәхеит  Паата Силагаӡеи  Бадри Шониеи рнапынҵақәа анышьҭарҵа ашьҭахь.

Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу аконференциаҿы, Аиустициа ахеилак амаӡаныҟәгаҩгьы далырхуеит. Уажәазы ари аҭыҧ аанызкыло  Николоз Марсагишвили  ҧшьышықәсатәи изинмчқәа рыҿҳәара нҵәоит.