Хәажәкыра 24 рзы аҧыза-министри адәныҟатәи аусқәа рминистри аинтерпеллиациа аформатаҿ ирзыӡырҩуеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аинтерпеллиациа аформатаҿ ирзыӡырҩуеит ахәашаз, хәажәкыра 24 рзы.
Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ари атәы ааицҳаит апарламент абиуро иахьатәи аилатәараҿы.
Афинансқәа рминистр «аминистр исааҭ» аформатаҿ апарламентаҿ изыӡырҩуеит хәажәкыра 23 рзы.