Хәажәкыра 20-25 рзы Қырҭтәыла Нато-Қырҭтәылатәи азыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит
Хәажәкыра 20-25 рзы Нато-Қырҭтәылатәи азыҟаҵарақәеи ахәшьараҭареи рцентр (JTEC) аҿы Нато-Қырҭтәылатәи азыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит.
Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, аштабтә зыҟаҵарақәа Нато-Қырҭтәылатәи апакет (SNGP) аҳәаақәа ирҭагӡаны мҩаԥгахоит, уи амҩаԥгара аганқәа 2020 шықәса инаркны аус адырулоит.
Қырҭтәыла Нато-Қырҭтәылатәи азыҟаҵарақәа раԥхьаӡа 2016 шықәсазы мҩаԥган. Нато-Қырҭтәылатәи азыҟаҵарақәа 2022 ар рԥызацәа рыштабтә зыҟаҵарақәоуп, уи ала акомпиутертә зыҟаҵарақәа иазыԥхьагәаҭоуп. Амилаҭрацәа хыҟаҵарақәа рхы аладырхәоит Нато алахәылацәеи апартниор 23 тәылақәеи рхаҭарнакцәа.