Хәажәкыра 16-18 рзы Қырҭтәыла аҳауа атемпература шьҭыҵуеит
Хәажәкыра 16-18 рзы Қырҭтәыла аҳауа атемпература шьҭыҵуеит

Хәажәкыра 16-18 рзы Қырҭтәыла аҳауа атемпература шьҭыҵуеит

Қырҭтәыла Аҧсабаратә лагылазаара агентра адыррақәа рыла, хәажәкыра  16-18 рзы Қырҭтәыла аҳауа атемпература шьҭыҵуеит. Зны-зынла ақәа ауеит.

«Ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асы ауеит, хәажәкыра  18 рзы аҧшацәгьа асуеит, амшын аҿы  3-4 балл ашторм ҟалоит. Аҳауа атемпература ашьҭыҵра амшала, ашьхараҿы асы аӡыҭра иалагоит, Қырҭтәыла аӡиасқәа хыҵыр ауеит, атәыла ашьхараҿы  асыҧсеи адгьылбгареи ашәарҭара ҟалар ауеит», — аарыцҳаит Аҧсабаратә лагылазаара агентра аҟынтә.