Хавиер Коломина - Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари  ирыдысныҳәалоит. Еврокомиссиа Европатәи ахеилак Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьаразы абжьагара атәыла аусзура азхаҵароуп
Хавиер Коломина - Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари  ирыдысныҳәалоит. Еврокомиссиа Европатәи ахеилак Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьаразы абжьагара атәыла аусзура азхаҵароуп

Аахыҵ кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина Еврокомиссиа аӡбара дахцәажәеит. Еврокомиссиа Европатәи ахеилак иабжьанагоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьарц.

„Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари  рыдысныҳәалоит. Еврокомиссиа Европатәи ахеилак Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьаразы абжьагара атәыла аусзура азхаҵароуп“, – иҩит Коломина.

Евроеидгыла арҭбаара иазку аҳасабырба иацы ицәырган.

Еврокомиссиа Европатәи ахеилак иабжьанагоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьарц. Ари атәы еилкаахеит Еврокомиссиа ахада Урсулы фон дер Лаиени европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы. Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку аҵыхәәтантәи аӡбара Европатәи ахеилак аднакылоит ҧхынҷкәын азы.