Хавиер Коломина - Ари аҭоурыхтә саммит аҿы Қырҭтәыла азҿлымҳара ду аҭан, атәылазы ари асаммит иманшәалан ҳәа сыԥхьаӡоит
Хавиер Коломина - Ари аҭоурыхтә саммит аҿы Қырҭтәыла азҿлымҳара ду аҭан, атәылазы ари асаммит иманшәалан ҳәа сыԥхьаӡоит

Иҟоу апакет аус адулара наҳагӡоит, Қырҭтәылаҟны ҳусеицура аҳауатә тәылахьчареи,аԥшыхәреи, акризис аменеџьменти, акибершәарҭадареи рхырхарҭала наҳагӡоит, – иҳәеит Аахыҵ Кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хвиер Коломина.

Коломина иажәақәа рыла, Мадрид имҩаԥысуа асаммит аҿы Қырҭтәыла аманшәалара аман.

“Мадрид имҩаԥысуа асаммит аҿы Қырҭтәыла аманшәалара аман. Асаммит ихы алаирхәит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили, уи далахәын Амшын Еиқәа азҵаара иадҳәалаз аиԥылара. Ҳара шьақәҳарӷәӷәеит Қырҭтәыла  евроатлантикатәи аинтеграциа, 2009 шықәсазы имҩаԥгаз Бухарсттәи асаммит аҿы иҳадаҳкылаз аӡбара.Иҟоу апакет аус адулара наҳагӡоит, Қырҭтәылаҟны ҳусеицура аҳауатә тәылахьчареи,аԥшыхәреи, акризис аменеџьменти, акибершәарҭадареи рхырхарҭала наҳагӡоит. Ари аҭоурыхтә саммит аҿы Қырҭтәыла азҿлымҳара ду аҭан, атәылазы ари асаммит иманшәалан ҳәа сыԥхьаӡоит “, – иҳәеит Коломина.