Хавиер Коломина - Алианс аполитикатә аӡбаразы шәыхиазарц азы момент иктәуп, арфеормақәа ртемт ирццактәуп, адгылаҩцәа агәра дыргатәуп ари аӡбара рыдыркыларц азы
Актәи аканал ажурналист ахыҵ Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина иҟны Бухарест аинтервиу ианиҵеит. Бухарест Нато аминистериал мҩаԥган, ихы алаирхәит Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистр Илиа Дарчиашвили.
– Ишышәҳәаз ала, Бухарест Қырҭтәылазы аҭоурыхтә ҵакы амоуп. 14 шықәса раԥхьа Нато аднакылаз аӡбарала, Украинеи Қырҭтәылеи алианс иалалоит, аха иара убас алианс аднакылаз аполитикатә аӡбара инақәыршәаны, арҭ атәылақәа МАР рмоуит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь еилаган Қырҭтәыоа атерриториатә акзаара, уажәы ари аҭагылазаашьаҿ иҟоуп Украина. Ари аганахьала Нато Қырҭтәыла ак адгалара алшома?
Ишыжәдыруа ала, аӡбара амч амоуп, ҳара ҳгәаанагара ҳамԥсахит. Аха уажәы Қырҭтәыла аԥхьагыларазы иаҭаху амыругақәа анапаҿы аагароуп, адгылаҩцәа агәра дыргатәуп ари аӡбара рыдыркыларц азы. Алианс иҟоу апартниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура нанагӡароуп, ҳара иҳамоуп есышықәсатәи ауснагӡатәқәа рплан, иҳамоуп иконкрету апакет, ари апакет аҿы иазыԥхьагәаҭоуп Қырҭтәыла амоу аҭахрақәа. Атәылаҿ ареформақәа рреализациа аус адулатәуп. Ҳрекомендациақәа Евроеидгыла арекомендациақәа иреиԥшуп. Евроеидгылантә 12 рекомендациа шәымоуп, Нато аҟынтә – 10. Алианс аполитикатә аӡбаразы шәыхиазарц азы момент иктәуп, арфеормақәа ртемт ирццактәуп, адгылаҩцәа агәра дыргатәуп ари аӡбара рыдыркыларц азы.
– Қырҭтәыла ареформақәа аус рыдулара апроцес нагӡоит. Арҭ апроцессқәа шәанрыхәаԥшуа, ишәҳәарц ишәылшоит, ижәбо апрогрессума, арегрессума?
«Шәтәылаҿ аҭыԥ змоу ахҭысқәа ҳаргәамҵуеит. Атермин “арегресс” ахархәара сҭахым. Қырттәыла иҟоу аполитикатә полиаризациа ҳгәаԥхом, анапхгареи аоппозициеи реизыҟазаашьақәа мариам. Ари аҩганк рҭакԥхықәроуп. Цәыббразы Қарҭ саныҟаз аоппозициа сырԥылан, ҳашьҭымҭа рызнасгеит. Арҭ ареформақәа рынагӡаразы аҭак рыԥхықәуп анапхгареи аоппозициеи..