Узбекистан атранспорт аминистр  - Қырҭтәыла, амшынтә тәыла аҳасабала, Ацентртә Азиеи Евроеидгылеи рыбжьара аимадара аиқәыршәараҿы ароль ду нанагӡоит
Узбекистан атранспорт аминистр  - Қырҭтәыла, амшынтә тәыла аҳасабала, Ацентртә Азиеи Евроеидгылеи рыбжьара аимадара аиқәыршәараҿы ароль ду нанагӡоит

Узбекистан атранспорт аминистр Илҳом  Махкамов иҳәамҭала, Қырҭтәылеи Узбекистани аекономикатә аимадарақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицуреи арҭбааразы апотенциал ду рымоуп.

Аминистр ҷыдала иазгәеҭеит  «Абжьаратә корридор» аҿиара апроцессаҿ ҩ-тәылак русеицура аҵаки ари аганахьала иҟоу аперспективақәеи.  Аимадара иазку аинвестициатә форуми уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз Евроеидгылеи, Ацентртә Азиеи, Аахыҵ Кавкази, Амшынеиқәатәи арегиони атәылақәа ртранспорт аминистрцәа реиҧылареи аҵакы ду амоуп атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәа рырҕәҕәаразы.

Узбекистан атранспорт аминистр  ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, амшынтә тәыла аҳасабала, Ацентртә Азиеи Евроеидгылеи рыбжьара аимадара аиқәыршәараҿы ароль ду нанагӡоит