Урыстәылатәи арбџьармчқәа  Славианск аракетақәа аларыжьит, иҭахаз иҟоуп
Урыстәылатәи арбџьармчқәа  Славианск аракетақәа аларыжьит, иҭахаз иҟоуп

Урыстәылатәи арбџьармчқәа  Славианск аракетақәа аларыжьит. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, аӡәы дҭахеит, 25ҩык ахәрақәа роуит.

Украинатәи АИХқәа рдыррала,  ари атәы ааицҳаит Украина ахада Владимир Зеленски.

Донецктәи атәылаҿацә анапхгаҩы иҳәамҭала, иахьа шьыжьымҭан, урыстәылатәи арбџьармчқәа ақалақь агәҭа иаларыжьит  2 ракетак  «С-300». Административтәи аофистәи хыбрақәа ибгеит, аихагылар рацәа змоу ахыбрақәеи хазхаҭалатәи аҩнқәеи аҧхасҭа ду роуит.