Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украина Донецктәи атәылаҿацә аҳабла Великаиа Новоселка иҭалеит
Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украина Донецктәи атәылаҿацә аҳабла Великаиа Новоселка иҭалеит

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украина Донецктәи атәылаҿацә аҳабла Великаиа Новоселка иҭалеит.

Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, украинатәи арратә хәҭақәа амацәаз иҭакым, урҭ ихьаҵеит.

Украинатәи аоператив-стратегиатә арратә хәҭақәа ргәыҧ  «Хортица» анапхгаҩы Виктор Трегубов ишиҳәаз ала, арратә аиҿагылақәа реиҳара Покровтәи ахырхарҭала имҩаҧысуеит.

Иара убас, Трегубов ишиҳәаз ала, урыстәылатәи аруаа импыҵахалоу аиланхарҭақәа ралҵра иахьымӡаз украинаа рхы иадырхәоит. Лымкаала,  дара иахьырҭаху аҭыҧашҟа еиуеиҧшым амаҭәарқәа риагара рыдарцалоит.