Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Урыстәыла Украина аганахьала аракетатә аахара мҩаҧнагеит.
Украина зехьынџьара аҳаиртә шәарҭаразы адырра ҟаҵоуп.
Аурыс аҳаиртә мчқәа Харьковтәи Сумтәи атәылаҿацәқәа ираахеит.
Reuters адыррақәа рыла, Урыстәыла аенергетикатә обиектқәа ираахеит. Харьковтәи, Сумтәи, Полтаватәи, Запорожтәи, Днепропетровсктәи, Кировоградтәи атәылаҿацәқәа рҿы афымцалашара иҟам.