Урыстәыла Украина аенергоинфраструктура аганахьала амассатә жәылара мҩаԥнагеит
Урыстәыла Украина аенергоинфраструктура аганахьала амассатә жәылара мҩаԥнагеит

Урыстәыла Украина аенергоинфраструктура аганахьала амассатә жәылара мҩаԥнагеит, – аанацаит ВВС.

ВВС адыррақәа рыла, Украина аҵакыраҿ аҳауатә шәарҭа рылаҳәоуп.

Атәыла аенергетика аминистр Герман Галушьенко иҟаиҵаз аҳәамҭала, ажәылара иахҟьаны Украина аҵакыраҿ афымцалашара дырцәеит.

Харьков ахада Игор Терехов ибомбақәыжьра иазку адырра алаирҵәеит, аха иажәақәа рыла аԥсыҭбарақәа иҟам. Аҳауатә жәылара мҩаԥган Луцки ақалақь аганахьала. Атҟәацрақәа ҟалеит Одесса ақалақь аҿгьы, арегион агубернатор Олег Кипер ауааԥсыра рахь ааԥҳьара ҟаиҵеит аҽыҵәахырҭақәа рышҟа ииасырц.