Урыстәыла, Курск аобласт ахь аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рыла имҩаԥгаз ажәылараан аӡәы дҭахеит, жәҩык ауааԥсыра ахәрақәа роуит
Урыстәыла, Курск аобласт аганахьала аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рыла имҩаԥгаз ажәылара амзызла, ҩнқәак иблит, аӡәы дҭахеит, жәҩык ауааԥсыра ахәрақәа роуит, – аанацҳаит Курск иҟоу аоперативтә штаб.
“85 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс дҭахеит. Ахәрақәа жәҩык роуит”, – иазгәаҭоуп аинформациа аҿы.
Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аоперативтә маҵзурақәа аҭыԥ аҿы аусура нарыгӡоит.