Урыстәыла абџьармчқәа иаха Киев аганахьала адронқәа рыла ажәылара маԥыргеит. Ақалақь анапхгара рхаҭарнакцәа ишаарыцҳаз ала, аҳҭнықалақь аҿы хыбрақәак иблит.
„Аӷа аԥырҩы дызҭам иаппаратқәа рҭархараан, Киев Свиатошинтәи Дарницктәии араионқәа рҿы амцакра ҟалеит. Аԥхасҭа аиҩит ҩнык, иара убас хыбрак. Аҭыԥ аҿы аус руеит аиқәырхаҩцәа”, – инп Киев ақалақьтә арратә администрациа аҳәамҭаҿы.
Киев ахада Витали Кличко идыррақәа рыла, Свиатошинтәи араион аҿы ҩыџьа атәылауаа ахәрақәа роуит.
Урыстәыла абџьармчқәа Харьков аганахьалагьы адронқәа рыла ажәылара маԥыргеит. Ақалақь аҿы атҟәацрабжьы гон.