Урыстәыла Киев аганахьала абаллистикатә ракетақәа рыла имҩаԥнагаз ажәылараан ԥшьҩык ҭахеит, хҩык ихәит
Урыстәыла Киев аганахьала абаллистикатә ракетақәа рыла имҩаԥнагаз ажәылараан ԥшьҩык ҭахеит, хҩык ихәит.
Украина аҳҭнықалақь раионқәак рҿы аракетақәа рыԥҽыхақәа каҳаит, хыбрақәак иблит. Ажәылараан аинфраструктуратә обиектқәа аԥхасҭа роуит, урҭ иреиуп аметро ааҭгылара “Лукиановскаиа”.
Киев ахада Витали Кличко ишааицҳаз ала, ажәылараан Шевченко араион аҿы хыбрақәак иблит, анхарҭақәа аԥхасҭа роуит.