Урыстәыла имҩаҧнагаз ажәылара амшала Киев 14ҩык ҭахеит, 44ҩык раҟара ахәрақәа роуит.
Киев ахада Витали Кличко ишиҳәаз ала, Урыстәыла Киев, аихагылара рацәа змоу анхарҭатә корпус иаахеит.
Аҭыҧаҿы аиқәырхаратә операциа мҩаҧысуеит.
Украина аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Игорь Клименко ишиҳәаз ала, авиажәылара амшала анхарҭатә корпусқәеи, аҵараиурҭақәеи, зҵакы дуу аинфраструктуратә обиектқәеи аҧхасҭа роуит.