Урыстәыла импыҵахалоу Аҧсныҟа иианагеит  72 миллион амааҭ
Урыстәыла импыҵахалоу Аҧсныҟа иианагеит  72 миллион амааҭ

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа аџьаусҧса рыҭара иазку аҩбатәи атранш аҳасабала,  импыҵахалоу Аҧсныҟа иианагеит  72 миллион амааҭ  ( 800 нызқь адоллар аҟара).

«РИА Новости» ари аинформациа аланарҵәеит де-факто афинанқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба иинформациа шьаҭас иҟаҵаны.

Делба иажәақәа рыла, ажьырныҳәазы Урыстәыла  «Аҧсныҟа иианагеит 344 миллион амааҭ, аҩбатәи атранш  — 72 миллион амааҭ иаҟароуп. Ари аҧара агәабзиарахьчареи, аҵареи, акультуреи, аспорти аусхкқәа русуҩцәа аулафахәы рыҭара иазкуп».