Урыстәыла Белгородтәи атәылаҿацә агубернатор иҳәамҭала, атәылаҿацә раионк иҭалеит украинатәи арбџьармчқәа ргәыҧ
Урыстәыла Белгородтәи атәылаҿацә агубернатор иҳәамҭала, атәылаҿацә раионк иҭалеит украинатәи арбџьармчқәа ргәыҧ

Урыстәыла Белгородтәи атәылаҿацә агубернатор иҳәамҭала, атәылаҿацә раионк иҭалеит украинатәи арбџьармчқәа  адиверсиа-аҧшыхәратә гәыҧ. Виачеслав Гладков иажәақәа рыла, украинаа  Белгородтәи атәылаҿацә Граиворонсктәи араион иҭалеит.

«Урыстәыла арбџьармчқәеи, аҳәаатә маҵзуреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи аҕа иқәхразы ауснагӡатәқәа мҩаҧыргоит», — иҩит  Гладков  Telegram-каналаҿ.

Уаанӡа Белгород анапхгара аарыцҳаит украинатәи арбџьармчқәа Гаиворинсктәи араион ишеихсуа.

Урыстәыла анапхгара рхаҭарнакцәа ринформациа инақәыршәаны, украинаа Козинки ахырхарҭалагьы ихысуан, уаҟа аҧжәагақәа хазхаҭалатәи аҩнқәа ирықәҳаит.

Украинатәи  Telegram-канал «Скринка Пандора»  иаланарҵәаз авидеоҭыхымҭаҿы иарбоуп украинатәи атанк урыстәылатәи аҳәаатә пункт «Граиворон» ишҭало.