Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра -  16 украинатәи адронқәа иқәхуп
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра -  16 украинатәи адронқәа иқәхуп

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра  адыррала,  аурыс арбџьармчқәа  16 украинатәи адронқәа карыжьит.

«Иахьа хәылбыҽхан  киевтәи арежим, аҧырҩы дызмам аҧырратә аппаратқәа рыла, Урыстәылатәи афедерациаҿы атерракт амҩаҧгара рҽазыркит», — иануп Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адырраҿы.

Аинформациа ишану ала, урыстәылатәи аҳаирхьчаратә мчқәа Ҟрым аханы 13 украинатәи аҧырратә аппаратқәа карыжьит, Волгоградтәи атәцылаҿацә аханы аҧырратә 3 аппаратк иқәырхит.