Урыстәыла атәылахьчаратә усҳәарҭа аинформациа ала, уахынла украинатәи 58 дрон карыжьит
Урыстәыла атәылахьчаратә усҳәарҭа аинформациа ала, уахынла украинатәи 58 аԥырҩы дызҭам аппаратқәа карыжьит.
Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, украинатәи дронқәа карыжьит Бриансктәи аоблсти, Ҟрымтәи, Краснодартәи, Смоленсктәи, Твертәи, Ростовтәи, Курсктәи, Калугатәи арегионқәеи рҿы.
“Урыстәыла аҳауахьчаратә системақәа аԥырҩы дызҭам 25 аппарат карыжьит Бриансктәи аобласт аҵакыраҿ, 17 – Ҟрым, 11 – Краснодар, 10 – Смоленск, 2 – Твер”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Смоленсктәи арегион агубернатор Васили Анохин иҟаиҵаз аҳәамҭала, Смоленск анфетҵәахырҭак амца цралеит.