Урыстәыла ала Харьков ахырхарҭала аракетатә жәылара амшала аӡәы дҭахеит, аҩнқәа ибгеит
Урыстәыла Харьковтәи атәылаҿацә ахырхарҭала аракетатә жәылара мҩаҧнагеит. Аӡәы дҭахеит.
Иара убас, аҩнқәа ибгеит, , апассаџьырцәа имҩанызгоз атрамваи аҧхасҭа аиуит.
Харьков ахада Игорь Терехов иҳәамҭала, иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иаҳа ирацәахар ҟалап, избанзар, ахыжәжәарақәа рыҵаҟа ауаа аанхеит, аҭыҧаҿы аҧшаара-аиқәырхаратә операциа мҩаҧысуеит.