Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны Палестинаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ргәы иҭоуп
Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны Палестинаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ргәы иҭоуп

Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны “Палестинаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аперспектива иазхәыцуеит”.

Аинформациа ианылеит Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит. Аинформациаҿ ишану ала, импыҵахалоу Аԥсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба импыҵахалоу Аԥсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәараҿ Урыстәыла иҟоу Палестина ацҳаражәҳәаҩ иацәажәарақәа мҩаԥысуеит ԥхьаҟа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ҳәа иазгәеиҭеит.

Иара убас, импыҵахалоу Аԥсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аиалтәараҿы иазгәаҭан ишалшо Аԥсни Ирани, Иемени, Афганистани, Ливани рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. Инал Арӡынба иҳәеит ишаԥҵахо ҩ-ганктәи аусутә хеилак Аԥсны – Еидҵоу Арабтә Емиратқәа.