Урыстәыла аӡбарала,  Қырҭтәыла атәылауаа рзы визада аныҟәара иадҳәалоу аҧкрақәа  аҧыхуп
Урыстәыла аӡбарала,  Қырҭтәыла атәылауаа рзы визада аныҟәара иадҳәалоу аҧкрақәа  аҧыхуп

Урыстәыла аӡбарала,  Қырҭтәыла атәылауаа рзы визада аныҟәара иадҳәалоу аҧкрақәа  аҧыхуп. Ари аинформациа аланарҵәеит аурыс медиа.

Амедиа адыррақәа рыла, иашьашәалоу адҵа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

Аурыс медиа аинформациала, азинтә актқәа рпорталаҿ икьыҧхьу ашьақәыргылара аверсиа ҿыц аҿы уаанӡа авиза агара заҭахыз аҭагылазаашьақәа иарбам. Уаҟа ишану ала, уажәшьҭарнахыс Қырҭтәыла атәылауаа, аҵареи аусуреи азыҳәан авизада Урыстәылаҟа инеиреи, иара убас,  90 мшы еиҳаны Урыстәыла аҵакырадгьылаҿ аҟазаареи  рылшоит.