Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ицәырнагеит Америкеи НАТОи рахь Москва иқәдыргылаз аҳәарақәа ахьаарҧшу аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа ҩба
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ицәырнагеит Америкеи НАТОи рахь Москва иқәдыргылаз аҳәарақәа ахьаарҧшу аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа ҩба

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ицәырнагеит НАТОи Америкеи рҟынтә ашәарҭадара аганахьала Урыстәыла агарантиақәа азҭо аиқәшаҳаҭрақәа ҩба рпроектқәа.

Актәи апроект инақәыршәаны,  Урыстәыла НАТО аҟынтә иаҳәоит ҳаҧхьаҟа НАТО арҭбаареи Алианс ашҟа Украина адкылареи мап ацәыркырц. Иара убас,    1997 шықәсанӡа  (Мрагыларатә Европа атәылақәа алианс иалалаанӡа) алианс иалахәыз атәылақәа рыда,  уаҳа џьаргьы рыруааи рыбџьари дмыргыларц.

Иара убас,  апроект атест ишану ала,  НАТО,   Украинеи,  Мрагыларатә Европеи,  Нхыҵ Кавкази,  Ацентртә Азиеи  аҵакырадгьыл аҿы иарбанызаалак арратә ауранагӡара мап ацәнакыроуп; даҽа тәылак аахара ахьрылшо  аҭыҧқәа рҿы рракетақәа дмыргыларц.

Егьи атекст аҿы Урыстәыла Америкахь ааҧхьара ҟанаҵоит амилаҭтә шәарҭадара аганахьала даҽа ганк азы ишәарҭоу аҭыҧқәа рҿы рыбџьар дмыргыларц, иара убас,  рбомбакажьгақәа рыжәҩан анҭыҵ аҧырра  иаҟәыҵырц.

Апроект атекст инақәыршәаны,  «Америка аҧхықәра ргоит мрагыларахьала НАТО арҭбаара аанкылареи ҧасатәи асоветтә республикақәа алианс ашҟа рыдкылара мап ацәкреи азы; Америка аҭакҧхықәра ахы аднаҵоит ҧасатәи асоветтә тәылақәа рҿы рхатә арратә базақәа рыргылара мап ацәкреи,  зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа рҟны арратә усеицура арҿиара аҟәыҵреи азы.