Урыстәыла аҭыԥ змаз аԥжәараан дҭахеит Ставрополь ахада ихаҭыԥуаҩ Заур Хурциев
Урыстәыла аҭыԥ змаз аԥжәараан дҭахеит Ставрополь ахада ихаҭыԥуаҩ Заур Хурциев

Урыстәыла аҭыԥ змаз аԥжәараан дҭахеит Ставрополь ахада ихаҭыԥуаҩ, Украина иаҿагыланы ицо аибашьра алахәыла Заур Хурциев. Ари атәы аанацҳаит Ставрополь агубернатор Владимир Владимиров.

Губернатор иажәақәа рыоа, аусԥшаара хацыркуп.

Аусԥшааратә комитет аинформациала, Чехов имҩаҿ иҟоу хыбрак ԥхьа иҟалаз аԥжәараан иҭахеит ахада ихаҭыԥуаҩи иҩызеи.

Гурциев ахада икадртә программа “Афырхацәа раамҭа” далахәын. Уи Украина ицо аибашьрантә 2024 шықәсазы дхынҳәын, цәыббразы Ставрополь ахада ихаҭыԥуаҩс дҟарҵеит.

Асоциалтә ҳаҿы аларҵәара змоу адыррақәа рыла, Хурциев Мариуполь аанкылара аоперациа аҳауатә хәҭа напхгара азиуан.