Украинеи, Британиа Дуи, Франциеи, Германтәылеи рлидерцәа Украина аҭынчра иаша ашьақәыргыларазы 5 ҭагылазаашьак ҳәаақәырҵеит
Украинеи, Британиа Дуи, Франциеи, Германтәылеи рлидерцәа Украина аҭынчра иаша ашьақәыргыларазы 5 ҭагылазаашьак ҳәаақәырҵеит

Британиа Ду аҧыза-министр  Кир Стармери, Франциа ахада Еммануель Макрони, Германтәыла аканцлер  Фридрих Мерци Владимир Зеленски иҧылеит. Алидерцәа даҽазнык иазгәарҭеит  Украина ишадгыло, дара ишырҳәаз ала,  аҭынчратә аиқәшаҳаҭра иазку иарбанзаалак апроцесс аҿы Европа зҵакы дуу ароль нанагӡароуп.

Алидерцәа аҭынчра ашьақәыргыларазы ҭагылазаашьақәак шьақәдыргылеит:

Актәи — аибашьра аҟәыҵра. Дара Урыстәыла ахада иахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа амца ааникыларц.

Аҩбатәи — уажәазы иҟоу аидкьысларатә цәаҳәа аиҿцәажәарақәа рзы алагамҭатә кәаҧс иҟалароуп; жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа мчыла рыҧсахра ҟамлароуп, Украина ахатә шәарҭадара амеханизмқәеи аидгылақәеи ралхразы иамоу азин ихьчазароуп.

Ахҧатәи  — амца аанкылара арежим ианалагалак, Украина, ахатә шәарҭадара иазкны игәрагоу аиуристтә гарантиақәа аиуроуп  2025 шықәса Берлини   2026 шықәса ажьырныҳәазы  Парижи ирыдыркылаз  аҧхықәрақәа рышьаҭала. Уи ала иазҧхьагәаҭоуп амилаҭрацәаратә мчқәа рыргылара.

Аҧшьбатәи — иҵаау урыстәылатәи активқәа иҵаазароуп Урыстәыла аибашьра иаҟәыҵны, Украина иаиуз азарал ханарҭәаанӡа.

Ахәбатәи — иарбанзаалак аиқәшаҳаҭраҿы Европа ашәарҭадара аинтересқәа ихьчазароуп. Евроеидгылеи НАТОи ирыдҳәалоу иарбанзаалак аиҿцәажәарақәа раан Евроеидгылеи, уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи, НАТО алахәылацәеи рықәшаҳаҭра иҟазароуп.

Иара убас, алидерцәа, адипломатиатә мҩала аибашьра ахыркәшареи Америкеи Европеи рҽалархәрала  Украинеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашо адиалог алагареи иазку Владимир Зеленски иинициатива иадгылеит.