Украинеи Америкеи рделегациақәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа инрықәыршәаны, Украина  30 мшы рыла амца аанкылара иазыхиоуп, Америка Украина аҧшыхәратә информациа аҭареи ацхраареи нанагӡоит
Украинеи Америкеи рделегациақәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа инрықәыршәаны, Украина  30 мшы рыла амца аанкылара иазыхиоуп, Америка Украина аҧшыхәратә информациа аҭареи ацхраареи нанагӡоит

Украинеи Америкеи рделегациақәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа инрықәыршәаны, Украина  30 мшы рыла амца аанкылара иазыхиоуп, Америка Украина аҧшыхәратә информациа аҭареи ацхраареи нанагӡоит. Ари атәы иануп Украинеи Америкеи рделегациақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

„Иахьа, Џьеда, Саудтәи Аравиаҿы, Америкеи Украинеи,  Украинаҿ акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылара амзызла зҵакы дуу ашьаҿа ҟарҵеит. Укрианатәи аделегациа, аукраин жәлар рыхьӡала, даҽазнык  ахада Трампи, Америкатә Конгресси, Америка ауааҧсыреи ҭабуп ҳәа рарҳәеит Украинаҿ аҭынчра ашьақәыргыларазы иҟарҵо ашьаҿақәа рзыҳәан. Украина,  30 мшы рыла амца аанкылара иазкны Америка иҟанаҵаз ажәалагала адкылара иазыхиоуп, ари апроцесс нагӡахар ауеит, аха, уи Урыстәыла иахьыҧшуп, Урыстәылагьы иахәҭоу ашьаҿақәа ҟанаҵароуп. Америка Украина аҧшыхәратә информациа аҭареи ацхраареи нанагӡоит“, – иануп аҳәамҭаҿы.

Иара убас, Америкеи Украинеи рхадацәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, излауа ала ирласны, Украина иҟоу ихәарҭоу аӡа аус адулара иазку  аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩуеит.