Украинеи 34 ҳәынҭқарреи парижтәи аолимпиада абоикот азыҟарҵоит
Украинеи 34 ҳәынҭқарреи парижтәи аолимпиада абоикот азыҟарҵоит

Урыстәылатәии беларустәи аспортсменцәа аҽалархәра зин роур, Украинеи 34 ҳәынҭқарреи парижтәи аолимпиада абоикот азыҟарҵоит. Ари ааицҳаит Украина аԥыза-министр Денис Шмыгаль.

Уаанӡа Украина амилаҭтә аолимпиатә комитет ахада Вадим Гутцаит ишааицҳаз, урыстәылатәи беларустәи аспортсменцәа анеитралтә статус ала аолимпиада рхы аладырхәар, украинатәи аспортсменцәа 2024 шықәсатәи аолимпиада аҽалархәра ақәшаҳаҭхоит.

„Украина апозициа ӷәӷәа амоуп. Аспортсменцәа 35 ҳәынҭқарра иалоу иӷәӷәоу жәларбжьаратәи акоалициа шьаҭаркит. Урыстәылатәии беларустәи аспортсменцәа аҽалархәра зин роур, Парижтәи аолимпиатә хәмаррақәа абоикот азыҟаҵара ҳазыхиоуп.  Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет ииашоу аӡбара ҳазыԥшуп“, – асоциалтә каҭаҿы иҩит Шмыгаль.