Украинатәи Радеи Хорватиа апарламенти рхантәаҩцәа Шьалуа Папуашвили Ҟрымтәи аплатформа аҽалархәразы иҭабуп ҳәа иарҳәоит
Украинатәи Радеи Хорватиа апарламенти рхантәаҩцәа Шьалуа Папуашвили Ҟрымтәи аплатформа аҽалархәразы иҭабуп ҳәа иарҳәоит

Украинатәи Радеи Хорватиа апарламенти рхантәаҩцәа Шьалуа Папуашвили Ҟрымтәи аплатформа аҽалархәразы иҭабуп ҳәа иарҳәоит.

Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура Руслан Стефанчуки Гордан Иандроковичи рышәҟәы аланарҵәеит.

“Ҳара иҟаҳҵаз аҳәамҭақәа адунеи аҿы ираҳаит ҳәа ҳгәыӷуеит: Урыстәыла Украига аганахьала имҩаԥнагаз агрессиа аҿагылараҿ акзаара, Украинеи украинатәи ажәлари рыдгылара, Украина асуверенитети атерриториатә акзаареи,ахьыԥшымреи дыргылара, Украина адгыларазы апарламенттә механизмқәа рырҿиара.

Асаммит алшара ҳнаҭеит аамҭалатәи ампыҵахалареи Ҟрым автономтә ареспубликеи, Севастополи Украина егьырҭ аҵакырадгьылқәа  раннексиеи ҳшырҿагыло. Загрем иҳадаҳкылаз адекларациаҿ иануп – ари алҵшәа цәгьақәа иамазаауа жәларбжьаратәи ашәарҭадара аилагароуп”, – иануп жьҭаара 31 рзы аларҵәара зауз ашәҟәы аҟны.