Украинатәи Рада адепутат - Ҳара иаҳзеиԥшу ахәынаӡарақәеи ахақәиҭра абзиабареи ҳамоуп
Украинатәи Рада адепутат - Ҳара иаҳзеиԥшу ахәынаӡарақәеи ахақәиҭра абзиабареи ҳамоуп

Аполитикатәи адипломатиатәи хырхарҭала зны-зынла имариам моментқәа цәырҵуеит. Аха Қырҭтәыла апарламент аспикет дахьҳтааз даара ибзиоуп, иара агрессиа алҵшәақәа зеиԥшроу ихала ибеит. Ари ибзиоу шьаҿоуп. Украинеи Қырҭтәылеи реимадара иаҳа иӷәӷәахап ҳәа сгәыӷуеит, – иҳәеит Украинатәи Рада адепутат, апархгаратә партиа “Слуга народа” алахәыла Иулиа Овчинникова Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы.

Овчинникова лажәақәа рыла, Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт аҭҵаара ала иубарҭоуп Қырҭтәылеи Украинеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа шыбзиоу.

“Ишыжәдыруа ала, Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт  аҭҵаара инақәаршәаны, украинаа ргәаанагарала, Қырҭтәыла Украина иадгыло пшьтәылақәа иреиуоуп. Арҭ атәылақәа роуп Польша, Британиа ду, ЕАШ, Қырҭтәыла. Ари даараӡа ибзиоуп.

Аполитикатәи адипломатиатәи хырхарҭала зны-зынла имариам моментқәа цәырҵуеит. Аха Қырҭтәыла апарламент аспикет дахьҳтааз даара ибзиоуп, иара агрессиа алҵшәақәа зеиԥшроу ихала ибеит. Ари ибзиоу шьаҿоуп. Украинеи Қырҭтәылеи реимадара иаҳа иӷәӷәахап ҳәа сгәыӷуеит. Ҳаидгыланы ампыҵахалара аанкылареи ҳадгьыл аҿы аҭынчра аиҭашьақәыргылареи ҳалшоит”, – илҳәеит Рада адепутат.